- Аконкурс азы
- Алахәхаразы амҩалкаа
- Аҭахҳәага алаҵара
- Аконкурс аҽалархәразы амаршрут
- Ироуазеи аиааира згаз ?
- Азҵаара – аҭак
- Аконтактқәа (Аимадара)
Аконкурс азы
Аконкурс аиҿкааҩцәас иҟоу, Аԥсны аҵара аминистрреи Урыстәыла Афедерациа аҵара аминистрреи иааидкылана хьӡыс ирымоуп Аиҿкааҩцәа.
Аконкурс атехникатә аоператорс иҟоуп афедералтә ҳәынҭқарртә бидужеттәусбарҭақәа рҟны ааӡаратә усура аҩаӡара ашьҭыхра хықәкыс иҟаҵаны аҵара рахыжьразы акандидатцәа рыԥшаареи ралхреи иазку аконкурс.
Аконкурс ахықәкы
Аԥснытәи азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭақәа рҟны ааӡаратә усура аҩаӡара ашьҭыхра хықәкыс иҟаҵаны, аҵара рахыжьразы акандидатцәа рыԥшаареи ралхреи иазку аконкурс.
Аконкурс аҳасабтәқәа:
- Аҵарадырраҟны асоциалтә ҵакы змоу, аҵарадырра асистемаҟны аресур аихьӡарақәеи ауаажәларра радԥхьалара;
- Аԥснытәи азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭақәа рааӡаратә потенциал ашьҭыхразы ацхыраара аҭара;
- Иԥу ааӡаратә ԥышәа азҵаарақәа раарԥшреи рыларҵәареи, арҵаратәии асоциокультуратәи усмҩаԥгарақәа рзы иреиҳаӡоу апрактикақәа, иара убас иаԥу ааӡаратә технологиақәеи апсихологиатә – педагогикатә методқәеи
Аконкурс алахәхаразы алшара змада?
• Аконкурс алахәхаразы ааԥхьара рыҭахоит зхатә бызшәа бзианы издыруа азеиԥшҵараиурҭа анапхгаҩы мамзаргьы абжьаратәи азанааҭ ҵараиурҭа анпхагаҩы иҟынтә иҩу арекомендациа змоу, атәылауаҩы аҵара ахьиҵо ма иахьиҵоз зырҵабыргуа мамзаргьы анаҩстәи аҭахрақәра руак шьақәзырӷәӷәо ма Аԥснытәи арекомендациа Аԥснытәи азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭа анапхгаҩы, аҳәынҭқарра напхгараҭаразы аҭыԥантәи аорган анпхгаҩы иҟынтә :
- иреиҳаӡо аҵара рымазароуп, ирҭбаау агәыԥқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, иреиҳаӡоу аҵарадырра «Аҵарадырреи апедагогикатә наукақәеи рхырхарҭала аҽазыҟаҵаразы»;
- иреиҳаӡоу апрофесионалтә ҵара амазаара;
- абжьаратә профессионалтә ҵара рымазароуп, ирҭбаау азанааҭтә гәыԥқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны «Аҵарадырреи апедагогикатә наукақәеи» рхырхарҭала, иара убас ихарҭәаау апрофесионалтә ҵарадырра азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭаҿы апрфессионалтә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара ахырхарҭала;
- қәҿиарала агәҭабжьаратәи аттестатициа ахысра иреиҳаӡоу аҵара аиуразы арҵаратә программала ҩышықәса (2) иреҵамкәа аҵара , ирҭбаау агәыԥқәа «Аҵарадырреи апедагогикатә наукақәеи» иреиҳаӡоу аҵарадырра ахырхарҭала;
- «Апедагогикатә ҵара» ахырхарҭала азыҟаҵаразы иреиҳаӡоу аҵара амазаара:
- Арҵаратә усбарҭақәа рҟны апрофессионалтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы иреиҳаӡоу аҵареи ихарҭәаау апрофессионалтә ҵареи амазаара;
- «Арҵаҩратә рҵара» азыҟаҵара ахырхарҭала қәҿиарала агәҭабжьаратәи аттестациа ахысра ҩышықәса иреиҵамкәа.
Аконкурс аетапқәа
1 аетап
Ииуль 28 2025 ш инаркны, 2025 ш ноиабр 28- нӡа Аконкрс асаит аҟны , аконкурс аҽалархәразы арзаҳалқәа алаҵатәуп ;
Аконкурс аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит «навигаторы- абхазия рф». асаит аҟны ;
Раԥхьатәи аконкурстә ԥышәара «Апрофессионалтә компетенциа ахәшьара аҭара» ( онлаин аформат ала атестқәа рхарҭәаара )
2 аетап
Аҩбатәи аконкурстә ԥышәара «Апедагогикатә ҭагылазаашьак аӡбара» (латәаратәи аԥышәара) имҩаԥгахоит Аԥсны, қәҽиарала атестқәа зтииз алахәылацәа рыбжьара мышқәак руак аан:
3 аетап
Аконкурс алҵшәақәа реихшьалара .Аконкурс аҟны аиааира згаз рсиа акьыԥхь арбара :
инарҭбааны аконкурстә ԥышәарақәа рзы: - Раԥхьатәи аконкурстә ԥышәара « Апрофессионалтә компетенциақәа хәшьара рыҭара».
Аԥышәара мҩаԥысуеит онлаин аформат ала, атестқәа рхарҭәаарала.
Онлаин – тест ахысразы азԥхьарԥш шьҭызаауеит алахәыла иелектронтә почтахь, аконкурс аҽалархәразы иҽанаҭиҩуаз иаирбаз ала. Атест ахысра алыршахоит ииуль 21, 23.59(москватәи аамҭала) август 18,2025ш.
Атест шьақәгылоуп 50 (ҩынҩыжәижәаба) зҵаара рыла, алахәыла икомпетентра агәаҭаразы, абарҭ ахырхарҭақәа рыла:
- апедагогика асфераҟны азанааҭтә компетентра –
- апсихологиа асфераҟны азанааҭтә компетентра –
- ахәыҷтәи аҿартә- уаажәларратә хеидкылақәеи русура аиҿкаара асфераҟны азанааҭтә компетентра.
Ииашоу ҭакцыԥхьаӡазы алахәыла иоуеит 1 (балк)
Аҩбатәи аконкурстә ԥышәарахьы инашьҭызаауеит 35 балл иреиҵамкәа изауз алахәылацәа
Аҩбатәи аконкурстә ԥышәара «Апедагогикатә ҭагылазаашьак аӡбара»
Август 20, 2025ш иахымгакәа, актәи аконкурстә ԥышәара «Апрофессионалтә кометенциақәа ахәшьара рыҭара» аҟны 35 балл еиҵамкәа изауз алахәылацәа ираҳәахоит аҩбатәи аконкурстә ԥышәара ахьымҩаԥгахо аҭыԥи аамҭеи.
Аҩбатәи аконкурстә ԥышәара мҩаԥысуеи мышкы иалагӡаны ҩ- етапкны(2)
- апедагогикатә ҭагылазаашьак гәыԥла аӡбара
- Аконкурс аекспертцәа рызҵаарақәа индивидуалла рҭак аҟаҵара
- аԥсуа безшәеи алитературеи шырдыруа аилкааразы аиҿцәажәара
Аҩбатәи акункурстә ԥышәара ахысра алҵшәақәа ахәшьара рыҭара мҩаԥысуеит анаҩстәи акритериақәа инарықәыршәаны
- апедагогикатә ҭагылазаашьак раан алҵшәа змру аӡбашьа алыршара (0 инаркны 8 балк рҟынӡа)
- командак аҟны аусушьа (адырра 0 инаркны 10 баллк рҟынӡа
- агәыԥ аҟны аусураан акаммуникациатә культура;
- азанааҭтә – падгогикатә компетенциа (0 инаркны 12 балл рҟынӡа)
- аԥсуа бызшәеи алитературеи рдырра (0 инаркны 10баллк рҟынӡа)
- Аконкурс аҟны аиааира згаз ҳәа иԥхьаӡахоит ҩ – конкурс ԥышәарак рылаҵшәақәа рыла 55 ҩынҩыжәи жәохә балл иреиҵамкәа изауз.
Актәи ашьаҿа-
Аконкурс алахәра иазку аҭагылазаашьа ҭҵаа;
Аҩбатәи ашьаҿа-
Ухаҭаратә дыррақәа аус рыдуларазы Ақәшаҳаҭра харҭәаара;
Ахԥатәи ашьаҿа-
Асаит аҟны ихарҭәаа уарзаҳал август 15-нӡа, 2025ш.;
Аԥшьбатәти ашьаҿа-
Аконкурс уҽазыҟаҵа, аметодикатә материалқәа ухы иархәаны; уелектронтә почтаҟны уазыԥшыз ааԥхьара;
Афбатәи ашьаҿа –
Актәи аконкурстә ԥышәараҟны 35 балла иреиҵамкәа иуоузар,август 20, 2025 ш иахымгакәа ааԥхьара уоуеит лабҿабатәи алахәраз аҩбатәи аконкурстә ԥышәарахь –
Абыжьбатәи ашьаҿа -
Аконкурс аҟны аиааира згаз, рсиа уазыԥшыз август 31, 2025 иахымгакәа.
Аабатәи ашьаҿа-
Аконкурс аҟны аиааира угазар, аквалификациа аҳаракразы апрограммала аҵара уахыс сентиабр 1 инаркны 30- нӡа, 2025 ш.
Актәи аконкурстә ԥышәара « Апрофессионалтә компетенциа ахәшьара аҭара» аахыс, август 18 нӡа, 2025ш 23:59( москватәи аамҭа), онлаин аформат ала.
- Аконкурс – «Аԥсны Ахәыҷра анавигаторцәа» аҟны аиааира згаз идиплом
- Арҵаратә платформа ФГБУ «Ростецентр» аҟны сентаиабр 1 инаркны 30- нӡа 2025 апрофессионалтә программала аквалификациа аҳаракразы хәыдаԥсадатәи аҵаразы азин;
- Аԥсны арҵаратә усбарҭақәа рҟны ааӡара ус аҟны аквалификациа змоу аспециалистцәа рсиа алалара.
Изусҭцәада «арцаҩцәа- абжьгаҩцәа»?
- Арҭ арҵаҩцәа иааиԥмарҟьаӡакәа рхы аус адырулоит, аҵаҩцәа рыгәҭыларкуеит, ирарҳәо раҳауеит , ирдыруеит ринтересқәа , имшәаӡакәа имариоу аҳасабтәқәа рҳәаақәа ирҭыҵуеит;
- Арҭ – иҟәыӷоу, иразу,рҵаҩцәа рҟыбаҩ агәраго, рхықәкқәа рынагӡаразы ашәқәа рзаазыртуа напхгаҩцәоуп.
- Арҭ, рышкол аҟны аҵара зҵо ахәыҷқәа, урҭ рҭаацәа, рырҵаҩцәа, рышкол арҵаратә ҭагылазаашьа аиӷьтәрахь зусура рхоу спеиалистцәоуп
Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәларра рыҽрымадаразы аҟәша:
Аԥсны, ақ. Аҟәа, Ажәанба имҩаду 9
ФГБОУ «Росдетцентр» Жәларбжьаратәи аусеицура аҟәша
ақ. Москва, Усачев имҩаду 64, аҩналарҭа 4