АПРЕСС-ЦЕНТР
Ажәабжьқәа | Ахҭысқәа | Афотосахьақәеи авидеосахьақәеи
22 Ԥхынгәы 2025
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынба Ԥсковтәи аобласт аҵара аминистрра ахаҭарнакцәеи алацәажәеит аҵарадырра ахырхарҭала аусеицура.
Аиԥылараҿы ажәалагалақәа ҟаҵан аусеицураҿы иалшон иҟоу аформақәа рзы: аҵарадырратә еимдара, аԥхынтәи алагерқәа, аконференциақәа.
23 Ԥхынгәы 2025
Аҵарадырра Аминистрраҿы ашколқәа рҿы аҵарадырратә программа аԥҵара иазку аусуратә гәыԥ актәи аилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара мҩаԥыргеит аҵарадырра аминистр Хана Гәынбеи аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамбеи.
Аиԥылара хықәкыс иамаз аҵараиурҭақәа рҿы иалагахо аҵарадырратә программа ҿыц ихадоу аспектқәа рылацәажәареи реилыргареи ракәын.
23 Ԥхынгәы 2025
Хьыбла Шамԥҳа Аԥсны аҵара аминистр актәи лхаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Хана Гәынба лара аколлектив драбалардырит лзанааҭдырреи лусуратә ԥышәа дуи инаҵшьны иазгәалҭеит.
Хьыбла Шамԥҳа иаадырԥшыз агәрагара азы ҭабуп лҳәеит, аҵарадырра ахаҭабзиара аиӷьтәразы илылшо зегьы шыҟалҵо агәра длыргеит.