Амшхәаԥштә азҵаарақәа иреиуан Ԥсковтәи аобласт агубернатори егьырҭ ачынуааи Аԥсныҟа раара.
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рзы Пушкинтәи ашьхақәа рахь аныҟәара аиҿкааразы ажәалагала ҟаҵан.
Хәана Гәынба иазгәалҭеит, Актәи адунеизегьтәи аибашьраҿы аԥсуа ашәҩык инарыгӡоз ароль, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аԥсуаа ралахәра, аладатәи Урыстәыла имҩаԥысуаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа иааз реиԥш анырра ҟазҵо атемақәа рганахь ала аҭоурых арҵаҩцәа злахәу астол гьежьқәа рымҩаԥгара шхымԥадатәиу.
Иара убасгьы ҩтәылак рыстудентцәеи рырҵаҩцәеи рыбжьара аимдаратә программақәа шьаҭас иҟалар зылшо аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рырҵаҩцәа алархәны еицырзеиԥшу аекспедициақәа реиҿкааразы аидеиақәагьы ирыхәаԥшит.