Аилатәарахь иааԥхьан Аҵара аминистр Хана Гәынбеи Жәлар Реизара адепутат Инар Саӡбеи.
Зҵаараны иқәгылан аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхареи аҿиареи рпроблема, насгьы иреиҳауи абжьаратәи ҵарадырреи рпроблема уҳәа имаҷымкәа азҵаарақәа.
Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы акомиссиа аилатәараҿы иазгәаҭан аусбарҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахархәара шмаҷхаз.
Акомиссиа ахантәаҩы Дона Малиаԥҳа иазгәалҭеит, аиҳабыреи Апарламенти реилатәарақәа урысшәала ишымҩаԥысуа. Ачынуаа аԥсышәала иқәгыло шамахамзар ишуԥымло.
"Ҳбызшәа азҿлымҳара аҭахуп, избанзар амилаҭ ахдырра лызырҟәо абызшәа амдырра ауп. Ахеиқәырхара ашәарҭара иҭанаргылоит, иҵнашәаауеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Акомиссиа аҭагылазаашьа алҵразы ргәаанагарақәа рҳәеит:
▫️ачынуаа рзы абызшәа адырра арӷәӷәара,
▫️аԥсуа хәыҷқәа иаԥсыуам ашколқәа рыдкылара аԥкра,
▫️ахәыҷбаҳчақәа рҿы агәыԥқәа абызшәа рдыррала реихшара,
▫️ актәи акласс инаркны 4-тәи акласс аҟынӡа ашколтә программа аԥсахра,
▫️астудентцәеи аԥсуа бызшәа арҵаҩцәеи ралкаара.
Аиԥылара алахәылацәа адгылара арҭеит Аҵара аминистрра "Аԥсуара" амаҭәар алагалареи арҵаҩцәа руалафахәы ацҵареи рзы иҟанаҵаз аԥшьгара.